Аҩымҭақәа / Произведения

АКТӘИ ATOM / ПЕРВЫЙ ТОМ
Ажәеинраалақәа. Аессе-жәеинраалақәа / Стихи. Эссе-стихи

Ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" / Издательство "Алашара"
Аҟәа / Сухум – 2006
 
744 даҟьа / страниц.
Атираж / тираж 500.

© Н.Ҭарԥҳа 

Нели Ҭарԥҳа лҩымҭақәа 1-тәи атом ианылеит 1955 ш. раахыс  иҭлыжьхьоу  (ахәыҷқәа  ирызку  ашәҟәқәа аламҵакәа) жәеиза поезиатә шәҟәы («Бзиа избоит амҩа» – 1955, «Ааԥынра агәы» – 1958,«Ақәыԥшреи агәҭыхеи»  – 1964, «Аԥа», – 1967, «Аҽыхәа иаҵәа» – 1974, «Сабацәа рашәа» – 1978, «Ашьыжь шана» – 1980, «Ажәеинраала ҿыцқәа…» – 1983,  «Ажәеинраалақәа, абалладақәа...» – 1984, «Ақәра» – 1987, «Ихәу ашәҟәы» –2000)  рҟынтәи иалылхыз лажәеинраалақәеи, лбалладақәеи, ллирикатә поемақәеи.  Арсҟатәи  шәҟәы,  арсҟатәи  ҩымҭақәа еидызкылаз  аизга,  иаҳҳәап,  ус  улаԥш  нахугаргьы, игәоумҭарц залшом  «Бзиа  избоит  амҩа»  ҳәа  зхы ааҵызхыз,  хьыӡрацара  мҩак  еиԥш,  лхаҭагьы  аԥсуа поезиагьы ирзыҟалаз лымҩагьы. Агәра умгарцгьы залшом уи зыҽны  апоезиа мҩа днанылаз – уаҳа даанымшәаӡакәа, кырӡа имариам, кырӡагь инасыԥу лхатәы мҩа аалхны, кырӡагь дышнеихьоу, дагьышхалахьоу Апоезиа Ахан Аҵәца бааш ахь! Егьа имариан зҳәогьы дҟаларгьы, заа дазхәыцроуп аԥсуаа рыԥсҭазаараҿ уи лымҩа  ԥҳәыс дызҿамлацыз  шхаҵа мҩаз.  Убри амацарагь  иаҳәо рацәоуп!

Скачать книгу "Аҩымҭақәа. 1 атом" в формате PDF (1,58 Мб)



© Дизайн и оформление сайта – Алексей&Галина (Apsnyteka)

Яндекс.Метрика